Арадио

Арсҭаа Лукашенко иҳәамҭа Аԥсны азхаҵаразы: дхәыцуеит - уигьы бзиоуп

Акыршықәса инеиԥынкылан Белоруссиа аус зуаз, иахьа Азини аекономикеи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩы Ахра Арсҭаа арадио Sputnik аефир аҿы Лукашенко иҳәамҭа Аԥсны азхаҵара азҵааразы ахҳәаа аиҭеит.
Sputnik
"Лукашенко иҳәамҭа ардыргак аҳасабала еилаҳкаауазароуп. Ари Урыстәыла ираҳауа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ираҳауа, ус баша иҳәаӡомызт, азҵаара имшхәаԥштә иалоуп. Дхәыцуеит - уигьы бзиоуп. 2014 шықәса азы Урыстәылеи Аԥсни рнапы аҵараҩит аиқәшаҳаҭра ҿыц. Уаҟа иарбоуп Евразиатәи ахеилак алаларазы амҩа ақәлара атәы. Уи азы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ҳхьыԥшымра азхарҵароуп. Лукашенко идыруеит Аԥсны шазхаҵатәу Евразиатәи ахеилак алаларазы. Путин исаиҳәар ҳәа ииҳәазгьы аҵакы амоуп. Евразиатәи ахеилак аиҿкаара Урыстәыла аполитика иатәуп, убри аҟнытә аиҿцәажәара цоит ҳәа сгәы иаанагоит", – ҳәа иҳәеит Арсҭаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.