АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа усутә ныҟәарыла амҩа дықәлеит ҳәа аанацҳауеит адәныҟаполитикатә усбарҭа апресс-маҵзура.
Аминистр Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы Афедералтә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи егьырҭ аофициал хаҿқәеи дырԥылараны дыҟоуп.
Инал Арӡынба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра дахагылоуп 2021 шықәса абҵарамза 17 аахыс.