АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аԥсны арҵаратә проект ҿыц аларгалеит. Апроект азырхоуп ауааԥсыра онлаин-занааҭ – атестҟаҵара дырҵара ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Москватәи аԥсуа диаспора" анапхгара алахәыла Вахтанг Ҭыжәба.
"Абри сыгәҭакы ԥаҳшәар ҳҭаххеит: Аԥсны аҿар ари азанааҭ дҳарҵар, аусура иаҳзаларгарымашь, иаҳҳәап Урыстәыла? Аҵара иахысит жәаҩык, аха аҵыхәтәанынӡа инеиз ҩыџьа роуп. Урҭ аусурҭақәа рзаҳаԥшааит", - иҳәеит Ҭыжәба.
Акурс хымз имҩаԥысуан, қәрала ԥынгыла ыҟамызт, иалахәыз аԥсуа тәылауаҩшәҟәы имазар акәын.
Ҭыжәба иҳәеит, иахьа аинтернет аамҭазы аусура шалшо адунеи зегь аҿы. Даара ихәарҭоуп англыз бызшәа адырра. Аурыс бызшәа акәзар аинтернет аурыс сигмент аҿы аусура алнаршоит.
Вахтанг Ҭыжәба иҳәеит атестҟаҵаҩцәа игәарҭоит аҭаҩра, аелектронтә шьҭымҭақәа русура. Онлаин аусура алшоит иахьуҭахунтә ателефони аинтернети рымазар.
"Ари аус гәцараҳкыр шықәсык аҩнуҵҟа шәҩык рҟынӡа аусурҭа ҭыԥқәа роур алшоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Апроект алахәылацәа рҵара мызк х-нызқьмааҭ ахыршәаауеит. Иара хықәкыс иамоуп IT аусхк аҟазауаа разырхиара, Аԥсны ауааԥсыра онлаинла аусура алшара рыҭара. Уи азы StemLab аҿы хымзтәи акурс иахысны аԥышәара ҭитәуп.
"Иаабап заҟаҩы ирҭаххо, заҟаҩ ҳазнеиуа", - иҳәеит Ҭыжәба.
Атестҟаҵаҩ —апрограмматә еиқәыршәара аусураҿы иамоу агхақәа гәазҭо, изыриашо атест ҟазҵо аҟазауаҩ. Иахьатәи аамҭазы IT аусхк аҟны аҭахра ду аманы иҟоуп.