Аԥсны

Анрик Инаԥшьба иаанкылашьа аԥсахит Аҟәатәи аӡбарҭа

Анрик Инаԥшьба ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг далахәын ҳәа ахара идырҵоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа жәабран 8 рзы Анрик Инаԥшьба аҩнытә рбаандаҩра иқәнаҵеит мызки 14 мши ҳәа - хәажәкыра 22 2022 шықәса рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәҵара аганқәа ахашшаар рылшоит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиахь хымш рыҩнуҵҟа.
Анрик Инаԥшьба акгьы ихараӡам ҳәа дыԥхьаӡоуп иара ихара шьақәзыргылаз аусӡбарҭа аӡбамҭа азакәан мчы аиуаанӡа.
Аԥсны
Аҩнытә баандаҩра зықәҵоу Рамаз Џьопуа аӡбарҭа аԥкрақәа жәпакы ихнахит
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Аԥсны
Аӡбарҭа Баграт Сурмаа иганахьала азыӡба аԥсахит
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.