АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аҿиара ахықәкқәа рфорум Аԥсны имҩаԥгахоит, ауснагӡатә анагӡаразы аилацәажәара мҩаԥыргеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ЕАР Адунеизегьтәи афедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, ЕАР ацхраараз Урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисови реиԥылара, зыҟны ЕАР Аҿиара ахықәкқәа рфорум Аԥсны амҩаԥгара иалацәажәаз. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.
Афорум иалахәхоит Борисови егьырҭ еиуеиԥшым жәларбжьаратәи асасцәеи.
Аиԥылараан Инал Арӡынба ЕАР Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала ашәҟәы ишьҭит. Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра ЕАР аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиҭарц ааԥхьара ҟаиҵоит, уи ЕАР Ассамблеиа хадаҿы имҩаԥысуа аимак-аиҿак алахәхара алнаршоит ҳәа.
"Ҳара иаҳҭахуп адунеи аҿы Аԥсны абжьы раҳарц. Ҳтәылаҿ имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳара хаҭала ауаа идҳарҳарц ҳҭахуп", - иҳәеит аминистр.
Иара иазгәеиҭеит, ЕАР Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны амилаҭ дуқәеи амилаҭ маҷқәеи реиҟарара хымԥадатәиуп ҳәа.