Аԥсны

КамАЗи ашьхаӡиаси: аидарамҩангага ду Бзыԥ аӡиас ишыруаз

Бзыԥ аӡиас иалахаз автомашьына КамАЗ зну авидео асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәан жәабран 8 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Автомашьына КамАЗ Бзыԥ аӡиас ианыруаз уа иалахеит жәабран 8 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атуроператор Алексеи Горчаг.
Асоциалтә ҳақәа рҿы ирылаҵәаз авидео аҿы иубоит КамАЗ аӡы ируеит ҳәа аҽшазнашәоз, аха саркьала иқәҵоу ацҳа аҵаҟа ишҭахаз.
"Иҟалап аԥсҟы зкыз ишиҭахыз амашьына измырҵәизар, иаӷьны илеиуаз амашьына арҳәазеит. Аҵаулараҿы амашьына ҭахеит", - иҳәеит иара.
Ахҭыс збоз даҽаӡәы иажәақәа рыла, амашьынарныҟәцаҩ аԥан ала аӡы дырсырц иҭахын, аха атехника ыцәеит.
Аидарамҩангага даҽа техника ҷыдак рхы иамырхәакәа аӡы иалыргеит.