"Хышықәсоуп шьҭа ари азҵаара ықәҳаргылоижьҭеи. Иахьала ари азакәан акгьы иаԥсам, избанзар, аԥҳәыс азин лымаӡам аҽырбгара, уи азы амедицинатә абжьгара лымазаргьы. Зегьы рсоциалтә ҭагылазаашьа еиԥшӡам, зегьы еицырзеиԥшны азакәан аҟаҵара шәарҭоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ауаажәларратә палата аҟынтә арзаҳал нашьҭын Апарламент ахь, агәабзиарахьчара аминистрра аҟнытә, аха азакәан шыҟац иаанхоит. Агәыӷра ҳамоуп ҿыц иааиуа Апарламент азакәан аԥсахрақәа аларгалап ҳәа", - азгәеиҭеит Ҳашыг.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.