Аԥсны

Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны акарантин аҽа мчыбжьык ацҵоуп

Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны акарантин рылаҳәан жәабран 14 рҟынӡа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иахырҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны акарантин даҽа мчыбжьык иацҵоуп, жәабран 18 рҟынӡа. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Аҟәа ахада Беслан Ешба ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

"Аҟәа ақалақь ахадара абжьаратәии ашколқәраҟынӡатәии арҵаратә усҳәарҭақәа рҿы акарантин аҿҳәара иацҵазааит 2022 шықәса жәабран 18 рҟынӡа", - ҳәа аҳәоит адокумент.

Иазгәаҭоуп аусԥҟа нап шаҵаҩу Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, аепидемиологиатә еибарчмазаҩра аиԥҟьарази авирус ԥхьаҟа рыламырҵәарази.
Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин ахь иҟоуп ажьырныҳәа 27 раахыс. Егьырҭ Аԥсны араионқәа рҿы акарантин жәабран 14 рҟынӡа ирылаҳәоуп.