АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник Лайт" 3 000 доза. Алаҵа аусбарҭа аҵәахырҭақәа рахь инагоуп ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.
"3 000 доза "Спутник Лайт" ааҳхәеит. Уаҵәы инаркны алаҵаҟаҵарҭақәа рахь реихшара ҳалагоит. "Спутник Лайт" раԥхьа иргыланы аиҭалаҵаҟаҵара иазырхоуп", - иҳәеит аминистр Едуард Быҭәба.
COVID-19 аҟынтә алаҵа аҟаҵара алшоит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәшәтәырҭаҿи араионқәа рыҿтәи ахәшәтәырҭақәа рҟни.
2021 шықәса ԥхынҷкәын 30 инаркны 2022 шықәса ажьырныҳәа 26 рҟынӡа "Спутник Лайт" ҟарҵахьеит 1500-ҩык, апандемиа иалагазар - 6 929-ҩык.