Аԥсны

Ацәыргақәҵатә зал хада аҭааҩцәа рзы жәабран 14 инаркны иаартхоит

2021 шықәса нанҳәамзаахыс акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иарку аҭыԥқәа рҿы ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аанкылан. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 25 раахыс акультуреи аспорти робиектқәа русура еиҭахацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Ацәыргақәҵатә зал хада аҭааҩцәа рзы жәабран 14 инаркны иаартхоит ҳәа Facebook аҿтәи лдаҟьаҿы адырра ҟалҵоит азал адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Акультуратә сезон ҿыц аартхоит ацәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа" ала.
Аԥсны
Аԥсны иалыркааит 2021 ашықәс азы иреиӷьу асахьа
2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аԥкрақәа ирхырҟьаны ацәыргақәҵа аартра ааркьаҿны имҩаԥган. Иалахәыз аиҿкааҩцәеи, аусумҭақәа равторцәеи, АИХ-қәа рхаҭарнакцәеи ракәын. Изҭахыз зегьы уи абара рылымшеит ҳәа лҳәоит Арсалиаԥҳа.
Аиҿкааҩцәа аԥкрақәа рышьҭахь аекспозициа ауаа иддырбаразы иҵәахны ирыман.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит жәабран 14 - 21 рзы.
Ацәыргақәҵа "Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа" 2001 шықәса раахыс есышықәса имҩаԥыргоит Акультура аминистрреи Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи.