Акоммуналтә техника ҷыда быжь-цырак Гаграҟа иааргеит жәабран 7 рзы. Атехника ҷыда азеиԥш хәыԥса 27 миллион мааҭ рҟынӡа иартәеит.
"Амашьынақәа иҳамаз акыр иуашәшәыран. Рықәрагьы маҷӡамызт. Жәашықәса зхыҵуагьы ҳаман. Арҭ амашьынақәа уахгьы-ҽынгьы аус зуа роуп, ихоит ирлас. Акыр аџьабаа ҳдырбон иҳамаз, иааҳамгар ада ԥсыхәа ҳамамкәа ҳаҟан", - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Гагра ақалақь акоммуналтә усбарҭа аиҳабы иҳәеит иахьазы рпарк ахьынӡеиқәшәоу атәы.
"Уи аԥхьаҟагьы амашьынақәа ааҳгахьан ақалақь азы, даҽа ҩба араионқәа рахь иҳашьҭхьан. Аха апарк еиҭа еиҵаҳхыр ҳҭахуп, амашьынақәа даҽа хԥа ҳаурцаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥаагоит. Ацхыраара ҳақәгәыӷуеит ақалақь ахадараҟынтә. Урҭ амашьынақәа аар, апарк 70% рҟынӡа ирҿыцхоит. Еиҭа иҳагәқәоу атехника ыҟоуп, аха агәамсам ақәгара азҵаараҿы 90% рҟынӡа еиқәшәоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.