АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. COVID-19 зхызгаз агәы-шьадатә уадаҩрақәа рныԥшуа иалагоит мызкы инаркны шықәсык аҟынӡа ҳәа рҳәеит Сент-Луис иҟоу Вашингтонтәи ауниверситет (ЕАА) аҵарауаа. Урҭ русумҭақәа ажурнал Nature Medicine аҿы икьыԥхьын.
Аҭҵаарақәа раан 11 миллионҩык COVID-19 змамыз алархәын.
"SARS-CoV-2 аҟынӡа агәы-ашьада апроблема змаз акоронавирус ашьҭахь еиҳагьы аҽарӷәӷәоит", — ҳәа лҳәеит Зиад Аль-Али, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Вашингтонтәи амедицина ауниверситет адоцент.
"Ҳарбагақәа иаадырԥшит зықәра маҷуи зықәра неихьоуи, ахацәеи аҳәсеи, изцуи изгуи еилымхкәа агәыхь шроуа COVID-19 марианы ирхыргоу ирхырмгоу иахьмырԥшыкәа", — рҳәеит аусумҭа авторцәа.
Иазыԥхьаӡоуп акоронавирус бжьаратәла 50-70 процент агәы-шьадатә система апроблемақәа азцәырнагоит ҳәа.