АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Ахәдахьаа, ашьаҳиҭра аиҳарак омикрон-штамм иаҟазшьоуп. Урҭ роуп егьырҭ ирылазмырҩашьо ҳәа ателеканал "Украина 24" аефир аҿы иҳәеит аҳақьым, ателемҩаԥгаҩ Евгени Комаровски.
"Омикрон" ауп арҭ аҩ-ҟазшьак – ахәдахьаа, ашьаҳиҭра – рыла иара аштамм "дельтеи" агьырҭ аковидхкқәеи излараҩудыраауа", - ҳәа иҳәеит амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор.
Иара иажәақәа рыла, COVID-19 абри ахкы аан ачымазара алагамҭазы акыр уԥсыҽхоит, "дельтеи" егьырҭ аштаммқәеи раан аамҭақәак анцалак ауп ианцәырҵуа.
"Аҩбатәи аҟазшьаҷыда – албаадара ауадаҩхароуп. Уаанӡа ковид асеиԥш иҟамызт, ма акык-ҩбак ахҭысқәа раан акәын. Уажәы , "омикрон" аан иаразнак ицәырҵуеит", - ҳәа иҳәеит Комаровски.
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит "дельта" ахкы аасҭа. "Омикрон" Урыстәыла налаҵаны шә-тәылак рҟны иаарԥшуп.