Аԥсны

Матуаԥҳа Аԥсны иҟоу ПЦР-лабораториақәа русура ҭышәантәалан ишыҟоу далацәажәеит

Ииасыз уахыки ҽнаки рзы атест арҭеит 639-ҩык, COVID-19 рыдбалан 442-ҩы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи аҩымчыбжь рыҩнуҵҟа ПЦР-тестқәа раҭаразы алабараториақәа ирыдҵаало ауаа рхыԥхьаӡара акыр еизҳаит, аха Аԥсны алабораториақәа русура еиламсрыда амҩаԥгара рылдыршеит ҳәа лҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ Алиса Матуаԥҳа жәабран 11 азы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿ.
Матуаԥҳа илҳәеит, алабораториақәа русзуҩцәа есшьыжьы акоронавирустә инфекциа рымоу ирымаму аилкааразы рхы шгәарҭо.
Аԥсны
Быҭәба иҳәеит аҿкчымазара аҽанышьҭных аамҭазы ихьанҭоу ахҭысқәа шазгәаҭам
Агәабзиарахьчара аминистр иабжьгаҩ илҳәеит, аминистрра иаус хаданы иҟоу алабораториақәа раангылара алмыршара шакәу.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 48028-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 39512-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 615-ҩык.