Аԥсны

Риҵатәи апарк аҿы асыԥсалеира ахьалшо ишәарҭоу аҭыԥқәа рацәахеит

Аӡын ҳааҭалазар иааидкыланы бжьымш Риҵатәи амилаҭтә парк аркын.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ишәарҭоу жәа-ҭыԥк рҟынӡа иазгәаҭоуп аҵыхәтәантәи амзазы ҳәа иҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Асыԥса леир ахьалшо аҭыԥқәа цәырҵит уаанӡа иахьыҟаӡамызгьы. Ари аӡысаамҭоуп изыхҟьаз. Асы хьанҭоуп. Аамҭа кьаҿла ирацәаны илеит. Уажәы Риҵаҟа машьынала ианхало аслых-ҭыӡқәа ҩба ирыбжьысны ауп ишхало", - ҳәа иҳәеит иара.
Аӡынра иаалагазар, Риҵатәи апарк ахь ахалара бжьымш рҟынӡа иаркын. Жәабран 10 азы амҩақәа ррыцқьаразы ауснагӡатәқәа рзы апарк аркын.
Багаҭелиа иажәақәа рыла аӡиахь амҩа арыцқьара иаҿуп асықәгага машьына, атрактор, абульдозер ала. Аусурақәа хыркәшахоит жәабран 11 азы.
Апарк аус анамуаз, бжьымш апарк азарал миллионбжак ҟалеит.
Убри аан, Багаҭелиа иазгәеиҭеит ари иазԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа шеиҭанамкыз.
Асоурақәа ирыхҟьаны аӡиа ихҵаалар алшоит ахьшәашәара аҽарцәгьар.
"Аӡиа макьана ихымҵаалацт. Аха ихьҭахар хымԥада иҵаауеит. Асеиԥш шамахамзар ианыҟало даара имаҷуп. Иахьынӡадыруа бжьба-ааба шықәса раԥхьа ус еиԥш аҭыԥ аман", - ҳәа иҳәеит апарк адиректор.
Аӡиа ахҵаалара ԥырхага ҟанаҵом, аҭааҩцәа ршәарҭадара ахылаԥшра арҭалоит.
Убла хызкуа ассир: аӡиа Риҵа аҵаа хылеит