Арадио

Сурманиӡе еиҭеиҳәеит Аҟәа ауааажәларратә транспорт аныҟәаразы иҟоу ауадаҩра шыӡбахо

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит, ауааԥсыра аҿкчымазара аҽацәыхьчаразы рхымҩаԥгашьа шдырԥсыҽыз атәы.
Sputnik
"Автобус арныҟәцаҩцәа рыбжьара ичмазаҩхаз ахьырацәахаз иахҟьаны, атроллеибус арныҟәцаҩцәа адҵа рыҭан асааҭ быжьбанӡа аус руларц еиуеиԥшым ахархарҭақәа рҿы. Аҭагылазаашьа аиӷьхара иаҿуп. Иаарласны ауадаҩрақәа зынӡагьы иҟамлароуп. Анаплакцәа реиҳабацәа еснагь ираҳҳәоит, асабрадақәа рымамкәа ауаа ныҟәрымгаларц. Иахьынӡазалшо уи аԥҟара ацныҟәара иаҿуп. Нас ҳара ҳадҵалагьы дара ирыҭоуп анапынҵа. Амчратә усбарҭақәа алархәны агәаҭарақәа анымҩаԥаагоз аамҭазгьы амашьынарныҟәцаҩцәа ирыҭан азгәаҭақәа. Ари аусура аанкылам, аха ауаагьы рхы иацклыԥшыр аҭагылазаашьа ҭышәынтәалахон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.