Арадио

Ҵәыџь амандарина аекспорт азы: аахәаҩцәа ргәы нҳархошәа ҳбоит, шаҟа рҭаху ҳзеиқәыршәом

Гәылрыԥшь араион аҿы амандарин ааӡара знапы алаку анаплакы аиҳабы Витали Ҵәыџь арадио Sputnik аефир аҿы иҳаҩсуа ацитрустә сезон зеиԥшраз атәы еиҭаҳәо дазааҭгылеит, асыи аҵаақәеи ирнаҭаз аԥхасҭа атәы.
Sputnik
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 21 000 тонна ацитрус шәырқәа, планла иазгәаҭаз 27 000 тонна ацынхәрас. Аԥсны ациртрусқәа аҳәаа ахыгара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы.
"200 тонна рҟынӡа ҿыхын асезон иалагӡаны, даара имаҷын сынтәа амандарина. Ԥхынҷкәынмзазы асыи акырцхи ҳцәасит, иманшәаламхеит аҽаҩра. Амандарина иԥхасҭахаз ҳазҿымхит, уи ҿыхны икауԥсарцаз ахарџь рацәа аҭахуп. Ауаагьы сынтәа даара имаҷын, ачымазара иахҟьаны. Амшцәгьа аныҟоу иҭыҵӡом аусура. Уигьы уадаҩра дуны иҳаман. Аҵлақәа рҿы иаанхаз амандарина дара ашьаҭақәа ирԥырхагаӡам, иаарласны икаԥсоит ахала. Иузымҭиуа аалыҵ ахьалаҳҵаша зауадк ҳамазҭгьы, ус иаанҳажьуамызт, 20-30 тонна рҟынӡа иаанхеит", - ҳәа иҳәеит Ҵәыџь.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.