Жәларбжьаратәи Аолимпиатә Еилакы урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩ Валиева илхаранатәуа

Аспортсменка дызлахәыз акомандатә еицлабра аихшьалақәа реиҭахәаԥшра алыршахоит Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбара ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩы Камила Валиева жәларбжьаратәи аспорттә ҭыӡшәа даланагалеит, адопинг-гәаҭараз иалҭаз аҭак алҵшәа аныҟала ашьҭахь ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Жәохә шықәса зхыҵуа аспортсменка Урыстәылатәи Аолимпиатә Еилакы еизгоу акоманда далахәны дықәгылеит жәабран 7 рзы, қәҿиаралагьы лхы аалырԥшит.
Аха ахьтәы медал ланашьара аанкылан, ԥхынҷкәынмзазы иалҭаз агәаҭарақәа рҿы иаарԥшын апрофессионалтә спорт аҟны адкылара ззин ыҟам триметазидин апрепарат ахьаарԥшыз азын.
Атест алҵшәақәа ҷыдала ишьақәнарӷәӷәеит Жәларбжьаратәи атестҟаҵартә маҵзура (ITA). Камилла Валиева илыдҟаҵалаз аԥкрақәа аԥыхын РУСАДА иҟанаҵаз аҿагылара ашьҭахь.
Уажәтәи аамҭазы аҵаақәшьқьрааҩы азин лыҭоуп Аолимпиатә хәмаррақәа лхы рылархәра, ларгьы анаҩстәи ақәгыларақәа лҽырзыҟалҵоит.
Афедерациа Ахеилак аиҳабы Валентина Матвиенко Валиева лганахьала иҟоу ақәыӡбарақәа ҵаҵӷәыдоуп ҳәа ахҳәаауа иазгәалҭеит ари аҭагылазаашьа "азҵаара рацәа шузцәырнаго", Матвиенко лажәақәа рыла, араҟа еилкаауп мраҭашәаратәи иҷыдоу аусбарҭақәа анырра шыҟарҵо.
Иџьоушьаша, Стокгольмтәи алабораториа Валиева лтест аҭакқәа анцәырырга, урыстәылатәи акоманда аиааира анага ашьҭахь ауп. Адопинг азы агәаҭара рыҭан ԥхынҷкәынмза 25 рзы, аҭак рҳәеит жәабран 8 рзы. Атест аҭара арыцхә инаркны уи аҭак аныҟалаз амш аҟынӡа арсҟаамҭа аҿымҭра џьуошьартә иҟоуп.

Валиева лус иахәаԥшраны иҟоуп Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭаҿы жәабран 15 рзы. Убысҟан еилкаахоит лара Аолимпиатә хәмаррақәа дрылахәхо дрылахәымхо.

Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилаки Жәларбжьаратәи адопингҿагыларатә маҵзуреи Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭа ашҟа апеллиациа дәықәырҵеит урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩы аамҭала ахәмаррақәа рҟынтә лынаскьагара ҳәа ирҳәаз аӡбамҭа рыԥсахырц.
Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрҩцәа атәыла еизгоу акоманда Аолимпиадаҿы актәи аҭыԥ ахь инаргеит
Валиева лҭагылазаашьа заҳаз адунеи ауаажәларра арбыжкит. Амедицина аусзуҩцәа аӡәырҩы ишьақәдырӷәӷәоит триметазидин ззин ыҟам рсиа ишахыԥхьаӡалоугьы, аспорт лыҵшәақәа рыҟны анырра шамам азы. Даҽакгьы ихадоу - аҵаақәшьқьрааҩы лықәра. Жәаф шықәса зхымҵыц аспортсменцәа "ихьчоу ахаҿы" истатус рымоуп, уигьы акыр ицхыраагӡахоит аусӡбараҿы.
Аԥсны
Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа Пекин ишаартыз
Урыстәыла Аолимпиатә еилакаҟны ирҳәеит аҵаақәшьқьрааҩы ԥхынҷкәынмзазтәи лтест аԥхьагьы ашьҭахьгьы иалҭаз егьырҭ адопинг-тестқәа зегьы ззин ыҟам апрепаратқәа шлыламыз шьақәдырӷәӷәеит.
Уажәтәи аҭыӡшәа инамаданы Америкатәи Адопингҿагыларатә маҵзура (USADA) Урыстәыла иақәмақаруеит ари аус иалахәу урыстәылаа аҭакԥхықәра иаднаԥхьалоит ҳәа. Еиду Америкатәи аштатқәа (ЕАА) рҿы ирыдыркылаз "Родченков изакәан" америкатәи аиҳабыра азин рынаҭоит аҳәаанырцәтәи аспортсменцәа ма ачынуаа рымшала америкатәи аспортсменцәа ԥырхага роузар, урҭ рус аӡбарҭа аҭара.