Аԥсны

Аҟәа Сахаров имҩаду аҟны ақәыршыҩцарҭа ахәҭак ҭабгеит

Ақалақь ари ахәҭаҟны абетонтә коллектор шьҭаҵан 50 шықәса уажәаԥхьа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аҟәа Сахаров имҩаду аҟны ақәыршыҩцарҭа аколлектор ахәҭак ҭабгеит, амҩаҟаҵаҩцәа арыцқьарақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аҟәа ақалақь Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Дмитри Аҳәба иажәақәа рыла, ақәыршыҩцарҭа аҭабгара ахҟьеит изызҳаз аҵлақәа рдацқәа аҩнуҵҟа ацарҭа ахьашәаҳуаз.
Амҩаду аҟны ақәыршыҩцарҭа ахәҭак ахьҭабгаз аҭыԥ аҟны ианыдрыцқьалак ашьҭахь аамҭаказ ус иаартны иаанрыжьуеит, аамҭа-аамҭала агәамсами алыкьи иаанаго дрыцқьаларц.
Иааиуа амчыбжь азы ари аҭыԥ аҟны апластикатә трубақәа рышьҭаҵара иалагоит.