Аԥсны

Аԥсны ашьхақәа рыҟны урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа рхы рыладырхәоит 1500-ҩык рҟынӡа ААО аррамаҵзурауаа, иара убас 200 ак ахысгатә техникеи.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база абатальон тактикатә гәыԥкәа халеит Ҵабалтәи ашьхатә арратә хысырҭахь аҵара-ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Урыстәыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аракетатә комплексқәеи акәылӡтәтехникеи алархәны
Иазгәаҭоуп, ахымца хысра аҩаӡараҟны, акәылӡтранспартиор БТР-82А, абџьари, агранатаршәгақәа РПГ-7Д, АГС-17 рхархәарала амотохысҩцәа шьахәла ацәҟьара ишақәдыршәоз.
Атактика батальонтә аҵара-ҽазыҟаҵарақәа хықәы хадас ирымоуп ААО амотохысратә аиҟәшақәа рҿапҳьа иқәгылоу арратә хыдҵақәеи, ахыхьчареи, иахьатәи аамҭазтәи арратә ԥышәеи иахьынӡазхиоу аилкаара.