Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыг алхрақәа раан ажурналистцәа русушьа иазкны

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг арадио Sputnik аҿы ажурналситцәа алхрақәа раан рхымҩаԥгашьа атәы далацәажәеит, иҳәеит аетикатә принципқәа рықәныҟәара азҵаара хылаԥшра шарҭало атәы.
Sputnik
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг АИХқәа рнапхгаҩцәеи ажурналистцәеи зегь рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ажурналист етика иқәныҟәаны рхы мҩаԥыргарц Жәлар реизарахь алхрақәа раан.
"Аԥсны аус ауеит азакәан 2004 шықәса рзы ирыдыркылаз Амассатә информациатә хархәагақәа русура ҳәаақәызҵо. Азаанаҭтә усура иадҳәало ахымҩаԥгашьа ргаларшәара, урҭ рылацәажәара, аҭагылазаашьа иаԥырхагаӡам. Лассы-лассы алхрақәа раан ас еиԥш ааԥхара ҟаҳҵон, сынтәа иаҭахны иҳаԥхьаӡеит ахәҭақәа, апринципқәагьы разгәаҭара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы игәаанагара атәы иҳәеит ажурналистцәа акандидатцәа рӡыргаратә штабқәа рҿы русура дшахәшаԥшуа атәы.
"Дарбанзаалак ажурналсит ихы азҵаара аиҭароуп, аҭакгьы иԥшаароуп ихымҩаԥгашьа ԥхьаҟа изанааҭ иахоу иамыхоу. Хымԥада, ажурналист дахьыҟоу аҭыԥ, аус ахьиуа иредакциа апринципқәа иара изы зегь реиҳа идахадаразароуп. Зегь раасҭа иҳаракны иргылазароуп. Аштаб алхратә принцип иадҳәалоу усуроуп. Ажурналист уи ихы ацәаихьчар, иара изанааҭ азгьы иара изгьы акырӡа еиӷьуп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа, ус еиԥш зынӡагьы азин рымаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.