Арадио

Чкотуа Аԥсны ахьӡ аӡыргаразы: ҳара ҳҿахәы ҳара иҳамҳәар ада ԥсыхәа ыҟам

Ауаажәларратә усзуҩы Октаи Чкотуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәыла ахьӡ ииашаны аҭгаразы иҟаҵатәу, аинформациатә политикаҿы Аԥсны апозициа арӷәӷәаразы иҳагу.
Sputnik
"Ҳара ҳҿахәы ҳамҳәар, ҳхы ӡыраҳамгар ада ԥсыхәа ыҟам. Адунеи убыс иҟалеит иахьатәи аамҭазы, уара утәы уара иумҳәар, аӡәгьы угәаиҭаӡом. Итәаны ирымбаз дгылан ихы дирбон ҳәа ҳажәаԥҟа, уажәы уи актулра амоуп. Иҵегьы ирӷәӷәатәуп, иҵегьы Аԥсны ахьыԥшымра ӡыргатәуп, еиҭаҳәатәуп, ирызнагатәуп. Ҳбызшәа, ҳҭоурых хәаҽны иҟоуп. Иҳамаз зегьы атәымуаа еимҵәаны иргахьеит, дара иртәушәа иҟарҵахьеит азы ҳусқәагьы уадаҩуп. Аҳәынҭқарра ахьӡ аԥызҵо ажәлар рхымҩаԥгашьоуп. Ҳара ара ҳажәеи ҳуси еиқәымшәо ҳаныҟалалак, адәахьы уцаны иуҳәаз акгьы аанагаӡом. Иахьа атехнологиақәа рыла ауаа зегьы иахьтәо еилыркаауеит, ираҳауеит", - ҳәа иҳәеит Чкотуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.