Урыстәыла ҿыц COVID зыхьыз рхыԥхьаӡара 200 нызқьҩык еиҳахеит

Аҿкчымазара аҟынтәи уахыки-ҽнаки рыла ргәабзиара шьақәгылеит 112 658-ҩык мамзаргьы 0,4% рыла еиҳауп иацтәи амш аахыс.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рыхьит 203 766-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 729-ҩык, абри атәы аанацҳауеит акоронавирустә инфекциа аԥырҟәҟәаразы аоперативтә штаб.
Авирусолог "омикрон" аԥхьатәии ашьҭахьтәии аамҭаз акоронавирус аҽеиҭакшьа далацәажәеит
Урыстәылатәи аҳақьымцәа уахыки-ҿнаки рыла ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭарҵеит 18 597-ҩык, иҳаҩсыз аҩымшк ирҿырԥшны уахәаԥшуазар 3,55% еиҵахеит.
Санкт-Петербург — 21 689
Москва — 14 336
Москватәи област — 9 146
Красноиарсктәи атәылаҿацә — 8 192
Пермтәи атәылаҿацә — 5 557
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла аштамм "омикрон" алаҵәара амоуп 84 регион рыҟны.