Аԥсны

Аҳәаҵыс Карантинка: Аҷандара абынҳәа шырааӡо

Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Игорь Кәарҷелиа шықәсқәак раԥхьа ашьха даныҟаз иԥыхьашәеит згәыԥ иацәыхҟьаз ҩымз зхыҵуаз абынҳәа хәыҷы, уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иааигеит.
Sputnik
Аҷандара ақыҭан Кәарҷелиаа рҭаацәара ҩышықәса раԥхьа абынҳәа хәыҷы анырҵеит. Уи машәыршәа ашьхараҿ аҭаацәа реиҳабы иԥыхьашәеит.
Аҳәаҵыс Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар иара акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп ианрыднагала.
Иара ҩымз раҟара ахыҵуан усҟан, ҩ-кьылакгьы иреиҳамызт. Изцыз абынҳәақәа рҭаацәара иацәыхҟьазар ҟалап иҳәоит аԥшәма.
Карантинка ахылаԥшра бзиа аиуит, ишахәҭаз акраҿарҵеит, аԥсы ҭарҵеит, хазы аҭра азыҟарҵеит. Уажәы абынҳәа 45 кьыла иҟоуп, акрыфашьагьы бзиоуп. Бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Ҽнак хынтә акраҿарҵоит.
Карантинка алеишәа бзиоуп, аха џьарак изтәаӡом, абжьгьы цәгьоуп. Иара аԥшәмацәа хара ирыдҵӡом, ашҭа, абаҳчаҿы инеиааиуеит алеиԥш. Атәымуаа рҿы ишәоит, агәы ҭынчым сасра аӡә даннеиуа.
Ари аҩыза абынҳәа аҩны абара мариам иҳәоит Игорь Кәарҷелиа. Агыгшәыг иҵегьы ахақәиҭреи азҿлымҳареи аҭахуп. Убри азы иара Аацы алымқәа рпарк ахь ирысҭарыма ҳәагьы зны-зынла данхәыцло ыҟоуп, амала уа ахылаԥшра бзиа арҭалар.
1 / 11

Аҷандара ақыҭан ҩышықәса раԥхьа бынҳәак анырҵеит.

2 / 11

Иара Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп аԥшәмацәа ианрыднагала.

3 / 11

Карантинка ҩымз раҟара ахыҵуан Игорь Кәарҷелиа ашьхараҿы ианиԥыхьашәа.

4 / 11

Аҳәаҵыс шәаҟьаны иҟан, амла иаганы ишцозгьы убарҭан. Игорь уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иманы дцеит.

5 / 11

Абынҳәа аҭаацәа зегьы ахылаԥшуеит. Игорь иан Фиала ҽнак хынтә акраҿалҵоит.

6 / 11

Ҩышықәса рыла Карантинка ауаагьы аҩнатә ԥсҭазаарагьы ирышьцылеит.

7 / 11

Карантинка бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Иара напыршьцылоуп, имшәакәа ауаа рнапаҟынтәи акрафоит.

8 / 11

Егьырҭ аҩнатә ԥстәқәеи иареи еинаалеит, аха иара иафо алақәагьы намҵасыр цәгьа ианырымбо ыҟоуп.

9 / 11

Абынҳәа уажәы 45 кьыла иҟоуп, есымза иара акрыфашьа ишацлац иацлоит.

10 / 11

Кәарҷелиаа аҩны абынҳәа адагьы ирымоуп ашәишәиқәа, акәтәқәа, акәатақәа, арахә.

11 / 11

Игорь Кәарҷелиа игәылацәа зны-зынла Карантинка алаф алырхуеит, абынҳәа акәац агьама шаҟа ибзиахарыз ҳәа ахҳәаауа, аха иара уи сшьуам ҳәа иаҿаршәны мап икуеит.