Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәаҵыс Карантинка: Аҷандара абынҳәа шырааӡо

Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Игорь Кәарҷелиа шықәсқәак раԥхьа ашьха даныҟаз иԥыхьашәеит згәыԥ иацәыхҟьаз ҩымз зхыҵуаз абынҳәа хәыҷы, уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иааигеит.
Аҷандара ақыҭан Кәарҷелиаа рҭаацәара ҩышықәса раԥхьа абынҳәа хәыҷы анырҵеит. Уи машәыршәа ашьхараҿ аҭаацәа реиҳабы иԥыхьашәеит.
Аҳәаҵыс Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар иара акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп ианрыднагала.
Иара ҩымз раҟара ахыҵуан усҟан, ҩ-кьылакгьы иреиҳамызт. Изцыз абынҳәақәа рҭаацәара иацәыхҟьазар ҟалап иҳәоит аԥшәма.
Карантинка ахылаԥшра бзиа аиуит, ишахәҭаз акраҿарҵеит, аԥсы ҭарҵеит, хазы аҭра азыҟарҵеит. Уажәы абынҳәа 45 кьыла иҟоуп, акрыфашьагьы бзиоуп. Бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Ҽнак хынтә акраҿарҵоит.
Карантинка алеишәа бзиоуп, аха џьарак изтәаӡом, абжьгьы цәгьоуп. Иара аԥшәмацәа хара ирыдҵӡом, ашҭа, абаҳчаҿы инеиааиуеит алеиԥш. Атәымуаа рҿы ишәоит, агәы ҭынчым сасра аӡә даннеиуа.
Ари аҩыза абынҳәа аҩны абара мариам иҳәоит Игорь Кәарҷелиа. Агыгшәыг иҵегьы ахақәиҭреи азҿлымҳареи аҭахуп. Убри азы иара Аацы алымқәа рпарк ахь ирысҭарыма ҳәагьы зны-зынла данхәыцло ыҟоуп, амала уа ахылаԥшра бзиа арҭалар.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҷандара ақыҭан ҩышықәса раԥхьа бынҳәак анырҵеит.

Аҷандара ақыҭан ҩышықәса раԥхьа бынҳәак анырҵеит. - Sputnik Аҧсны
1/11

Аҷандара ақыҭан ҩышықәса раԥхьа бынҳәак анырҵеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Иара Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп аԥшәмацәа ианрыднагала.

Иара Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп аԥшәмацәа ианрыднагала. - Sputnik Аҧсны
2/11

Иара Карантинка ҳәа ахьӡырҵеит, избанзар акоронавирус азы апандемиа анҵысыз ауп аԥшәмацәа ианрыднагала.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Карантинка ҩымз раҟара ахыҵуан Игорь Кәарҷелиа ашьхараҿы ианиԥыхьашәа.

Карантинка ҩымз раҟара ахыҵуан Игорь Кәарҷелиа ашьхараҿы ианиԥыхьашәа. - Sputnik Аҧсны
3/11

Карантинка ҩымз раҟара ахыҵуан Игорь Кәарҷелиа ашьхараҿы ианиԥыхьашәа.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аҳәаҵыс шәаҟьаны иҟан, амла иаганы ишцозгьы убарҭан. Игорь уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иманы дцеит.

Аҳәаҵыс шәаҟьаны иҟан, амла иаганы ишцозгьы убарҭан. Игорь уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иманы дцеит. - Sputnik Аҧсны
4/11

Аҳәаҵыс шәаҟьаны иҟан, амла иаганы ишцозгьы убарҭан. Игорь уи рыцҳаишьан, аҩныҟа иманы дцеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абынҳәа аҭаацәа зегьы ахылаԥшуеит. Игорь иан Фиала ҽнак хынтә акраҿалҵоит.

Абынҳәа аҭаацәа зегьы ахылаԥшуеит. Игорь иан Фиала ҽнак хынтә акраҿалҵоит. - Sputnik Аҧсны
5/11

Абынҳәа аҭаацәа зегьы ахылаԥшуеит. Игорь иан Фиала ҽнак хынтә акраҿалҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Ҩышықәса рыла Карантинка ауаагьы аҩнатә ԥсҭазаарагьы ирышьцылеит.

Ҩышықәса рыла Карантинка ауаагьы аҩнатә ԥсҭазаарагьы ирышьцылеит. - Sputnik Аҧсны
6/11

Ҩышықәса рыла Карантинка ауаагьы аҩнатә ԥсҭазаарагьы ирышьцылеит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Карантинка бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Иара напыршьцылоуп, имшәакәа ауаа рнапаҟынтәи акрафоит.

Карантинка бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Иара напыршьцылоуп, имшәакәа ауаа рнапаҟынтәи акрафоит. - Sputnik Аҧсны
7/11

Карантинка бзиа иабоит ахш, ашәыр, ауҭраҭых, аџьрыцқәа. Иара напыршьцылоуп, имшәакәа ауаа рнапаҟынтәи акрафоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Егьырҭ аҩнатә ԥстәқәеи иареи еинаалеит, аха иара иафо алақәагьы намҵасыр цәгьа ианырымбо ыҟоуп.

Егьырҭ аҩнатә ԥстәқәеи иареи еинаалеит, аха иара иафо алақәагьы намҵасыр цәгьа ианырымбо ыҟоуп. - Sputnik Аҧсны
8/11

Егьырҭ аҩнатә ԥстәқәеи иареи еинаалеит, аха иара иафо алақәагьы намҵасыр цәгьа ианырымбо ыҟоуп.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Абынҳәа уажәы 45 кьыла иҟоуп, есымза иара акрыфашьа ишацлац иацлоит.

Абынҳәа уажәы 45 кьыла иҟоуп, есымза иара акрыфашьа ишацлац иацлоит. - Sputnik Аҧсны
9/11

Абынҳәа уажәы 45 кьыла иҟоуп, есымза иара акрыфашьа ишацлац иацлоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Кәарҷелиаа аҩны абынҳәа адагьы ирымоуп ашәишәиқәа, акәтәқәа, акәатақәа, арахә.

Кәарҷелиаа аҩны абынҳәа адагьы ирымоуп ашәишәиқәа, акәтәқәа, акәатақәа, арахә. - Sputnik Аҧсны
10/11

Кәарҷелиаа аҩны абынҳәа адагьы ирымоуп ашәишәиқәа, акәтәқәа, акәатақәа, арахә.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Игорь Кәарҷелиа игәылацәа зны-зынла Карантинка алаф алырхуеит, абынҳәа акәац агьама шаҟа ибзиахарыз ҳәа ахҳәаауа, аха иара уи сшьуам ҳәа иаҿаршәны мап икуеит.

Игорь Кәарҷелиа игәылацәа зны-зынла Карантинка алаф алырхуеит, абынҳәа акәац агьама шаҟа ибзиахарыз ҳәа ахҳәаауа, аха иара уи сшьуам ҳәа иаҿаршәны мап икуеит. - Sputnik Аҧсны
11/11

Игорь Кәарҷелиа игәылацәа зны-зынла Карантинка алаф алырхуеит, абынҳәа акәац агьама шаҟа ибзиахарыз ҳәа ахҳәаауа, аха иара уи сшьуам ҳәа иаҿаршәны мап икуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0