Урыстәылатәи афрегат иҷыдоу ахархәагала аҳәаа еилазгаз америкатәи аӡаҵаӷба хьанацеит

Аӡаҵаӷба аекипаж адырра рыҭан Урыстәылатәи аӡыҵакыраҿы ишҟоу ала, аха урҭ хырҩа арымҭаӡеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Урыстәыла атәылахьчарра аминистрра иаанацҳауеит жәабран 12 азы Курилтәи араион Уруп адгьылбжьаха Урыстәылатәи Афедерациа аӡыҵакыраҿы ишырбаз Америкатәи аӡаҵаӷба "Вирџьиниа" иеиԥшу ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Жәабран 12 2022 шықәсазы 10:40 (мск) Аокеанҭынчтәи афлот аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥнагоз Урыстәылатәи Афедерациа аӡыҵакыраҿы Уруп адгьылбжьаха Курилтәи аибаркыра аҵакыраҿы игәарҭеит Америка иатәу аибашьыгатә ӡаҵаӷба "Вирџьиниа" иеиԥшу", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Иазгәаҭоуп, аӡаҵаӷба аекипаж урысшәалеи англыз бызшәалеи адырра шрыҭаз: "Шәара Урыстәыла аӡыҵакыраҿ шәыҟоуп. Ирласны шәхал!" - ҳәа. Урыстәыла аганахьала иҟаҵаз адҵа егьырҭ иагьазхьамԥшит.
Лавров НАТО Амшын еиқәаҿы абазақәа раартраз агәҭакы ахәшьара аиҭеит
Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы анапхгаратә документқәа инарықәыршәаны, афрегат ТОФ "Маршал Шапашников" аӡаҵаӷба иахәҭаз ахархәагақәа ахархәара аҭан", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Иазгәаҭоуп америкатәи аӡаҵаӷба арадиолокациатәи акустикатәи хылаԥшра иазку ахархәагақәа ҩбаны ирбаларц азы зхала иныҟәо алаԥшхырԥага ахы ианархәан, Урыстәыла аӡҵакыра иалҵны ицеит.
Аокеанҭынчтәи афлот аӷбақәа ргәыԥ анаҩсгьы иацырҵоит уснагӡала ирзарбоу аҵара-ҽазыҟаҵарақәа, иара убас хылаԥшра арҭалоит аҳәынҭқарратә ҳәаа аӡәгьы ҭамларц.