Аԥсны

Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеит

Ацентр ацхыраара рнаҭалоит еиҳа аҟыбаҩ ҷыда злоу Аԥснытәи аҿар, Урыстәыла иреиӷьу аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵараҵарази астажировка рахысрази.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит.
Ацентр еиндаҭларатә шьаҭала аԥсуа ҿар адгылара рнаҭалоит Урыстәыла иреиӷьу аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵараҵарази астажировка рахысрази. Ацентр амеханизм аамҭакала аус ацнаулоит Россотрудничество.
Аԥсны
Инал Арӡынба Россотрудничество аиҳабы Евгени Примаков диԥылеит
Ацентр акоординатор Едгар Ӷәазаа иажәақәа рыла, акандидатцәа алырхлоит еиндаҭларатә шьаҭала. Арезиуме анашьҭра ҟалоит Ацҳаражәҳәарҭа ма Аԥсны ААР рсаитқәа рҿы анкета ҷыда ихарҭәааны. Иарбатәуп арезиуме назышьҭуа иаликаауа аусхк.
Актәи аетап иахысыз Урыстәыла иҟоу Аԥсны Адипмиссиахь инаԥхьахоит рыҿцәажәаразы.
"Аиҿцәажәараан инаԥхьоу ахаҿы изеиԥш дыррақәа ааирԥшыроуп иалихыз, зыҟны иҟазара иазирҳар ииҭаху аусхк аганахь ала", ҳәа иҳәеит Ӷәазаа.
Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" аусушьа аҟазшьақәа Москватәи реиԥылараан ирылацәажәеит Аԥсны ААР аминистр Инал Арӡынбеи МГИМО аректор Анатоли Торкунови, НИУ ИАШ аректор Никита Анисимовы, Урыстәыла ААР аҟны иҟоу Адипломатиатә академиа аректор Александр Иаковенкои, Урыстәыла Аиҳабыра рҿы иҟоу Афинанстә университет аректор Станислав Прокофьеви.
1 / 4

Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеит

2 / 4

Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеит

3 / 4

Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеит

4 / 4

Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеит

Аганқәа алацәажәеит аусеицура амҩаԥгара, иазԥхьагәарҭеит ԥхьаҟатәи апланқәа.