Аԥсны

Асида Аҳәԥҳа лыкьанџьа ажурнал The Daily Doll аверсиала иреиӷьӡақәоу рсиа иаҵанакит

Асида Аҳәԥҳа – аԥсуа сахьаҭыхыҩ, автортә кьанџьақәа равтор, Аԥсни анҭыҵи имҩаԥысуа ацәыргақәҵақәа активла дрылахәуп. Ашықәс алагамҭазы акьанџьақәа равторцәа испаниатәи Реидгыла UNIDIA далахәылахеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Асида Аҳәԥҳа лыкьанџьа "Гәыла уԥшла" ажурнал The Daily Doll аверсиала иреиӷьӡақәоу 100 рсиа иаҵанакит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит автор лхаҭа.
Кукла Асиды Ахуба
"Ари иакзаҵәыку, акьанџьақәа раԥҵара аҟазара аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа ртәы зҳәо дунеижәларбжьаратә журналуп. Сара сзы ажәабжь даара игәыҟаҵаган. Уаанӡа ҳара арзаҳалқәа наҳашьҭырц ҳадыргалахьан. Саргьы арзаҳал зҩит, нас исхасыршҭит. Акьанџьа 2021 шықәса анҵәамҭазы иаԥысҵеит. Уи аамҭа сара сзы иуадаҩын, акоронавирус сыман", – лҳәеит лара.
Аҟазауаҩ илҳәеит ачымазара хьанҭаны ишылхылгоз, аха алагамҭаз арҿиаразы лымчқәа шазхоз.

"Ашәара сыман. Аҩны зегь шсыдгьежьылозгьы, ачымазара аҟазшьа ҷыда иахырҟьаны сгәы ҭӡыӡон. Сусумҭагьы сҭагылазаашьа аныԥшит ҳәарада. Ари катарсисуп", - ҳәа лҳәеит Аҳәԥҳа.

Акьанџьа "Гәыла уԥшла" захьӡылҵаз далацәажәо лара иазгәалҭеит агәы шакәу ауаҩы амҩа иаша дықәу дықәму изырбо.
"Угәы анаарту анхара еиҳа имариоуп. Угәы анарку – иуцәыцәгьоуп. Сгәанала угәы иуҵанаҳәо уазыӡырҩыр, иахьахәҭоу аҭыԥ ахь унанагоит", - ҳәа лҳәеит Аҳәԥҳа.
Арадио
Аҳәԥҳа акьанџьақәа рцәыргақәҵазы: сеигәырӷьоит, сусумҭақәа амилаҭтә цәа ахьрыҟәну
Акьанџьа аҵлеи иражәу абеи ирылхуп.
"Иажәу аԥшра амазарц аус адызулон. Алақәа ҿаҳәоуп, избанзар адунеи злеилнакаауа, излақәыԥшуа алақәа рыла акәӡам, гәылоуп. Агәаҿы икнаҳауп ацаԥха хәыҷы, афранцыз цаԥха – ауаа бзиақәа ҳамҭас исырҭаз", - ҳәа еиҭалҳәоит аҟазауаҩ.
Асеиԥш ахьӡ змоу ажурнал аҿы аусумҭа ацәыргара хҭыс бзиоуп. Акыршықәса ари аус знапы алаку ауаа роуп аиҳарак арахь инанагар зылшо ҳәа еиҭалҳәоит аҟаза.
Ажурнал аҟны иӡыргоуп зыхьӡ еицырдыруа аҟазацәагьы ааигәатәиқәагьы, аҿар "ргәы шьҭырхырц", адуцәа – "рҽыдмырҭынчларц".
Арадио
Акьанџьақәа рызҟаза Аҳәԥҳа: бызшәала ҳанзеилибамкаауа, ҳхаҭыԥан ҳусумҭақәа цәажәоит