Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа 2022 шықәса рзы ацәыргақәҵатә зал хада аусуразы

Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит 2022 шықәса рзы аплан иарбоу ацәыргақәҵақәа ртәы, ачымазара аҽацәыхьчаразы аԥҟарақәа хылаԥшра шарҭо атәы.
Sputnik
2021 шықәса нанҳәамзаахыс акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы иарку аҭыԥқәа рҿы ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара аанкылан. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәа 25 раахыс акультуреи аспорти робиектқәа русура еиҭахацыркуп.
Ацәыргақәҵатә зал хада аусура хацнаркуеит "Ашықәс азы иреиӷьу аусумҭа" ала. Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа 2021 шықәсазы иаԥырҵаз 40 усумҭа инареиҳаны амза 14-21 рҟынӡа аҭааҩцәа ирбар рылшоит ҳәа лҳәеит Арсалиаԥҳа арадиоефир аҿы.
"Ачымазара иахҟьаны бжьымз инарзынаԥшуа ҳус аанкылан. Ари ашықәс аплан иалоу ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара асезон аатуеит. Ацәыргақәҵа анаатуа аҽны акәымзар 100-200-ҩык анаҳҭаауа ыҟаӡам. Азал аус ауеит шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа. Ҩыџьа-хҩык еиҳам иааиуа. Дара урҭгьы асабрадақәа рҿоуп. Иахьа ашәарҭара ахьмаҷу ачымазара аганахьала аҭыԥқәа иреиуоуп ҳәа сгәы иаанагоит Ацәырагақәҵатә зал. Ҳҽазыҟаҳҵоит ааԥынтәи ацәыргақәҵа, уигьы есышықәса имҩаԥаҳго ауп. Мартмзазы имҩаԥаҳгарц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.