Гурам Барцыц Афгантәи аибашьра Агәымшәаразы амедалқәа ҩба ианашьоуп, Аеҵәа ҟаԥшь аиуразы ихьӡ ҳәан, аха макьана аорден инапаҟны имаацт.
"Усҟантәи аамҭаз арра маҵзура ухугар абауҭаху ҳәа аӡәгьы дҵааӡомызт. Сақәшәеит Афганистан. Суалԥшьа насыгӡеит. Ахәрагьы соуит. Аҩныҟа саара хәыҷык шагыз сырхәит. Усҟан Аеҵәа ҟаԥшь аиуразы сыхьыӡ ҳәан, аха иахьа уажәраанӡагьы уи амедал снапаҟны иамааицт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барцыц.
Аветеран еиҭеиҳәеит аԥсуаа Афган еибашьуаз иахьа аибабара шрымоу, игәалаиршәеит Блабырхәа ақыҭантә еибашьра ицаз.
Гурам Барцыц 18 мзы Афганистан дыҟан. Еиҭеиҳәеит, уи аамҭа иадҳәаланы игәалашәараҿы ианахаз ахҭыс.
"Зегь реиҳа сгәы зырԥшааз, Руслан Ладариа атанк дақәтәаны аԥсуаа ӡәыр дыҟоума ҳәа ҳҭыԥаҿ данааи ауп. Иара иарҳәеит абас танкистк ԥсыуак дшыҟоу. Сиԥшааит. Раԥхьа ҳанеибаба, ҿымҭ акыраамҭа ҳаихәаԥшуан. Ҳаиқәшәара агәыԥшаара ацын", - ҳәа игәалаиршәеит Барцыц.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.