"Аԥхаррақәа еишьҭаргыланы идәықәлар, абаҳча дуқәа змоу, ажь, акиви, атама, аҳәаса, аца уҳәа аԥҟара иалагароуп. Дара зегь раԥхьа ишәҭуеит, аӡы рылалоит аҟнытә. Имаҷны измоу,аамҭала уи хәыҷык инахангьы иҟаиҵар ауеит, дахьӡартә дыҟазар, ари амза анынҵәо, егьи амза алагамҭаз. Ацитрустә шәырқәеи афеихоаи рыда зегьы ԥуҟар ауеит. Анаҩс егьи амзазы ашәырҵлақәа доусы рықәра гәаҭаны иахәҭоу арҵәыгәақәа рыҭатәуп. Уи адагьы аҵла апҭы ԥырхага анамҭарцаз, акәыкәбаа чымазара амыхьырцаз, ихәшәтәтәуп. Зегьы ирнаалоит аҵармақьеи акьыри еилаҵаны. Ирӡыҭны, ираӡаны иақәырҭәоит аԥхарра аныҟоу аамҭазы, аҵлақәа ԥҟаны ианалгалак. Уи даара хәарҭара алоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сабекьиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.