АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. 2021 шықәсазы хәнызқьҩык инареиҳаны Егры аҳәаа закәаншьаҭада иахысуаз ауааԥсыра Аԥсны АшәМ аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АшәМ аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәеи иааныркылеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АшәМ асаит.
Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа закәаншьаҭада ахысразы жәа-шьаус хацыркуп.
Ииасыз ашықәс азы амаҵзура ҷыдақәа иаԥдырҟәҟәааит 160 ҽазышәара атауарқәеи аидарақәеи аҳәаа рахгаразы.
2021 шықәсазы иаанкылаз атауарқәа
Атауар | Ахәԥса (амааҭ) |
Аҭыҭынаалыҵ | 11 400 000 инаркны |
Ауааԥсыра рхы иадырхәо атауар | 3 600 000 инаркны |
Аџьаԥҳаны | 80 000 инаркны |
Акриптоԥара арҳаразы амаругақәа | 800 000 инаркны |
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны закәаншьаҭада аидарақәа аҳәаа иахызгоз рганахь ала азинтә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа рыдыркылеит.
Егры аӡиас инаваршәны Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ахьчара еицымҩаԥыргоит аԥсуа гани аурыс гани.