Аԥсны

Адиверсантцәа ҭархатәуп: урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхараҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Аладатәи арратә округ иатәу зқьи хәышәҩык аруаа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Ҩ-ганктәи аротатә тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылагеит Аԥсны, арратә ҽазыҟаҵара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Аԥсны
Урыстәылатәи артиллеристцәа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа" дҭадырхеит
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ашьхара ахысырҭаҭыԥ Ҵабал.
Амотохысратә ҟәша аррамаҵзурауааи атанкистцәеи, артиллеристцәеи, аԥшыхәыҩцәеи аҽыхьчаратә уснагӡатәқәеи "аӷа" ашьхараҿы иҭархареи мҩаԥыргоит.
Аҽазыҟаҵарақәа раан аԥырҩы дызҭам акомплексқәа "Орлан-10" рхархәарыла "аӷа" идиверсиатә гәыԥқәа ҭадырхоит.
Зынӡа 300 ак атехника– аԥшыхәратә машьынақәа "Дозор", зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгылақәа"Акация", БТР-80 иақәгылоу аимадаратә машьынақәа уҳәа ахархәара рыҭоуп.