"Адистанциатә ҵара алҵшәа ҳәа акгьы ҳнамҭеит, аха зынӡа ҳхәыҷқәеи ҳареи ҳаицәымӡырц ҳаимадоуп, ҳҽазыҟаҳҵоит. Зегьы-зегьы ҳаимадоуп ҳәа сҳәар, уи мцуп. Изҭаху маҷуп. Арҵаҩы изы аџьабаа ӷәӷәоуп. Шьыжьы инаркны хәлаанӡа ииҳәо гәаҭо, аӡәаӡәала урыҿцәажәо, ари иуадаҩуп цәгьала. Сара хаҭала ашәахьа инаркны ахәашанӡа садтәалоуп аҭел. Сара смаҭәар, аҳасабра, ихьанҭоу маҭәаруп. Адҵа рзызышьҭуеит. Ианырҳасаблак - исзаарышьҭуеит, нас убри сахәаԥшуеит. Ари аамҭа рацәа агоит, аха ахәыҷқәа зегьы аимадарахь ицәырҵӡом, ирҭахӡам. Иацәыхҟьалеит ашкол. Ирацәаҩуп аҭаацәагьы ишәаны ашкол ахь измышьҭуа, иааины исыҳәон ахәыҷқәа аушәышьҭ ҳәа. Уажәы ианаушьҭха ашкол анбаартхо ҳәа рҽахыршьаауеит. Урҭ реилкаара уадаҩхеит", – ҳәа азгәалҭеит Капԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.