АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент адиректор, Урыстәыла ААР ахаҭарнак ҷыда Мариа Захаровеи алацәажәеит, урыстәылатәи аган ацхыраарала Аԥсны жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәаразы ауснаӡа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ҷыдала иазааҭгылан аинформациатә ресурсқәеи асоциалтә ҳақәеи рхархәарала Аԥсны ахьӡ-аԥша ашьҭыхра.
Арӡынбеи Захаровеи иара убасгьы иалацәажәеит, Аԥсны ААР амедиацентр ҿыц аусқәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны ААР абри ахырхарҭа иатәу адепартаменти Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартаменти русеицура арцыхцыхра азҵаара.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Инал Арӡынба Мариа Захарова ҳамҭас илиҭеит "Ақәгыларақәеи аинтервиуқәеи реизга. 1992-2005. В.Г. Арӡынба". Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.