Аԥсны

Гәдоуҭа аинвалидцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ахьалшо аҭыԥ аадыртуеит

Ацентр аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп аинвалидцәа ауаажәларра рыҽрылархәра .
Sputnik
АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа, жәабран анҵәамҭа хәажәкыра алагамҭазы иаадыртуеит аинвалидцәа ргәабзиара аиҭашьақәыргылара ахьалшо аҭыԥ ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Аицхыраара" ахантәаҩы, Араионтә ееизара адепутат Адгур Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла, 400 метр ԥшьыркца иҟоу ацентр Афырхацәа рымҩаду аҿы игылоу "Аԥсныеимадара" ахыбраҿы иаартхоит. Ацентр аҿы аус рулоит ахәшәтәратә баҩрҵәыра, афизиотерапиа, амассаж рҟазауаа. Аус аулоит атренажиортә зал.

"Ари зегьы хәыда-ԥсадахоит аинвалидцәа рзы. Уи адагьы ҳара иаҳҭахуп урҭ рзы иаԥаҳҵарц аҭагылазаашьақәа – рхы амаҵ руртә аиԥш, ацентр аҿы иаангыланы, рхәык ҟарҵо, рымаҭәа рыӡәӡәо. Дара рзы акраҵанакуаны иҟоуп рхы амаҵ руа аҟалара", - ҳәа иҳәеит Аҩӡба.

Адгур Аҩӡба дазааҭгылеит, аԥхьвҟа ишазыԥхьагәарҭо аконференц-зал аартра. Уа апроект ҿыцқәа ирылацәажәалоит, русура аихшьаалақәа ҟарҵалоит.
Аҩӡба ацентр аартразы аидеиа машәырны изцәырымҵит.
Иара ихаҭагьы ари аҩыза ауадаҩрақәа змоу дрыҵаркуеит, ибзианы идыруеит еиԥш зеиԥшу рыуадаҩрақәа.
Алхас Ҭҳагәышь: Аԥсны иҟоу ахамыхәацәа ирзымхо рацәоуп
Апроект анагӡара иазырхоуп жә-миллион мааҭ аԥара. Ахәҭак аҳәынҭқарра иашәоит, ахәҭак – ООН аҿиара Апрограмма, иара убасгьы Адгур иҩызцәа, идырцәа.
"Ацентр аныҟәгарагьы аԥара аҭаххоит. Уи азы иаҳҭахуп иааҳартыр афитнес-зал. Уи иаҭаауа рԥарашәарала апроект аҿиара аҳҭалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ацентр жәабран анҵәамҭа хәажәкыра алагамҭазы иаадыртуеит .