Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Харчлаа Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны

Тҟәарчал араион Бедиа ақыҭа ахада Џьумбер Харчлаа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы ицо аҽазыҟаҵарақәа ртәы.
Sputnik
"Алхарқәа мҩаԥаагоит ашкол ахыбраҿы. 275-ҩык алхыҩцәа асиа иҭагаланы иҳамоуп, аха дара зегьы ара инхаӡом. Аха ҳаҽрымаҳдахьеит, алхарқәа рхы рыладырхәырц шырҭаху атәы рҳәахьеит. Асиа заа икнаҳаны, аҭагылазаашьа маншәала аԥҵаны ҳҽазыҟаҳҵоит алхрақәа. Асиа аԥсахра ҳәа акгьы алагалаӡам, иҟац роуп зыбжьы азҭогьы", - ҳәа азгәеиҭеит Харчлаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.