АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-информациатә система алагаларазы аҿҳәара азԥырҵәеит.
Адепутатцәа ишьақәдыргылеит аӡбарҭақәа рҟны Автоматикатә аӡбарҭа-информациатә система алагалахоит 2023 шықәса инаркны ҳәа.
Апарламент уаанӡа иаднакылахьаз аӡбамҭа инақәыршәаны, ажьырныҳәа 1 2022 шықәса нахыс Автоматикатә аӡбарҭа-информациатә система алагалан азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьи авидеоҭаҩратәи атехника ахархәарада.
Ажьырныҳәа 1 2023 шықәса инаркны аусура иалагоит Аԥсны Аконституциа азакәан "Аӡбаратә мчра" азы аԥҟара.
Иавтоматикатәу аӡбарҭа-информациатә система ахәҭа, Аԥсны Арбитражтәи Аконституциатәи ӡбарҭақәа рҿы аӡбаҩцәа ралхраан Иавтоматикатәу аӡбарҭа-информациатә система ахархәара аҭазарц.
азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьии авидеоҭаҩратәи атехника ахархәара.
Иавтоматикатәу аӡбарҭа-аинформациатә система – иаку технологиатә платформоуп, уи хықәкы хадас иамоуп аӡбарҭақәеи, аусӡбарақәа рлахәылацәеи, азакәанмчы аусура алзыршо аусбарҭақәеи електронла реимадара, иара убас аӡбарҭатә система аҩаӡарақәа зегьы рыбжьара аелектронтә еимадара ашьақәыргылара.
2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система аиҭакрақәа раан еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система. Аха иара алагалара акырынтә иахыргахьан.