Аԥсны

Аԥсуа аруаа ахысгабџьар ала аицлабра рхы аладырхәит

Аицлабрақәа мҩаԥысуан Аԥсны Арбџьармчқәа разыҟаҵара аплан инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17- Sputnik. Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аԥхьахәгараз ахысгабџьар ала аицлабра мҩаԥысит жәабран 16 рзы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Аицлабрақәа азкын асовет ар Афганисҭан ралгара 33 шықәса ахыҵра арыцхә, урҭ аруаа рыспорттә ҟазара аизырҳара иазырхан.

Акомандатә ԥхьагылараҿ актәи аҭыԥ ааннакылеит Аштаб хада акоменданттә рота акоманда, аҩбатәи - 2-тәи хаз игоу амотохысратә батальон, ахԥатәи – ахықәк ҷыдақәа змоу аотриад хаз.
Аицлабраҿы аиааира згаз Атәылахьчара аминистр иаҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан.