Арадио

Ԥлиаԥҳа Донецки Лугански Урыстәыла иазханаҵарц азы: даара игәаӷьыуацәоуп

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аполитологиа акафедра адоцент Далила Ԥлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны ахҳәаа алҭеит Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәа разхаҵаразы Аҳәынҭқарратә Дума Урыстәыла ахада иахь иҟанаҵаз анашьҭымҭа.
Sputnik
Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәа разхаҵаразы Аҳәынҭқарратә Дума аашьҭымҭа Урыстәыла ахада Владимир Путин иоуит ҳәа аанацҳаит РИА Новости, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Песков иҳәеит уи аганахьала хҳәаак шыҟаҵам.
"…Аҳәынҭқарратә Думаҟны ирыдыркылеит ашәҟәы Донецктәии Лугансктәии Жәлар рреспубликақәа азхаҵатәуп ҳәа, Путин иахь ашәҟәы нарышьҭит. Ари рыдыркыло ирыдрымкыло атәы ҳҳәаанӡа, иабанӡаиашоу ҳәа ҳалацәажәап. Минсктәи аилацәажәараҟны ԥшьганктәи аиқәшаҳаҭра аныҟарҵоз, ахаҭарнакцәа ыҟан, аха аҳәынҭқарра аформа рымаӡамызт Донецки Лугански. Иахьала дара зхатәгәаԥхрала зхы шьақәзыргылаз ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ҳара ҳзгьы ус рҳәон. Иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы ахала ахы шьақәнарӷәӷәоит, аха ара рыцҳарас иҟалаз, арҭ аҳәынҭқаррақәа ахааназгьы аҳәынҭқарратә форма рымаӡамызт. Ари Украина акәын. Уажәы Путин дҩагыланы идикылар, усгьы ацәажәара дуқәа цоит, аха араҟа ацәажәара даҽакахьы ииасыр ауеит. Иргәаладыршәоит Ҟрым, аха уи аҳәынҭқарра Урыстәыла ианадыз ыҟан. Иахьа Урыстәыла ахада иахь инашьҭу ашәҟәы уахәаԥшуазар, даара зинла, дыррала, политикала, маанала, уаҩҵас иазхәыцны, ахаҵгылара ду аҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит… Иахьатәи аҭагылазаашьаҟны Украинеи Донецки Лугански дара-дара реицәажәара хацыркызар (уи Украина ируам), ари аурыс ус инапқәа ҿанаҳәауамызт, избанзар дара ҳәынҭқаррақәоуп ҳәа аҳәара, зинла, дыррала даара игәаӷьыуацәоуп. Исҭахуп урҭ азхаҵазар, ҳәынҭқаррақәаны иҟаларц, аха исҭаху азини, азакәани, аполитикеи ирҳәо иахьрықәымшәо еиҳауп. Араҟа азхәыцра ду аҭахуп… Сара абри аҩыза аҭагылазаашьа атәы смаҳацызт аурысцәа Европааи Америкеи икыдцаланы еибашьыртә рыдырцало, ирыдыргало. Ари аҩыза смаҳацызт, исымбацызт… Теориала уазхәыцуазар, азхаҵаразы ашәҟәы адкылара даара игәаӷьыуацәоуп", - лҳәеит Ԥлиаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.