Аԥсны

Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ареспублика АА рминистр Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

Никарагуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аартхоит 2022 шықәсазы, уи азы аусԥҟа инапы аҵаҩит Аслан Бжьаниа 2021 шықәса абҵарамзазы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Ареспублика Никарагуа ахь инашьҭу азинмч нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Денис Монкада Инар Ладариа идиныҳәалеит Ареспублика Никарагуа идипломатиатә миссиа алагара, агәыӷра ааирԥшит активла иусура шымҩаԥиго азы Манагуеи Аҟәеи ԥхьаҟатәи русеицура арӷәӷәаразы.
1 / 2

Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ареспублика АА рминистр Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

2 / 2

Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ареспублика АА рминистр Агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит

Инар Ладариа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи рҟынтәи никарагуатәи ажәлар асалам риҭеит.
Аԥсны
Аԥсны азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ дҟаҵоуп Никарагуа
Инар Ладариа Аԥсны азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩс Никарагуа дҟаҵан ԥхынҷкәын 17, 2021 шықәсазы.
Никарагуа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 4, 2008 шықәсазы. Шықәсык ашьҭахь аҩ-тәылак рыҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.