Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ажьиԥҳа Гагра ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура ахацыркразы ишыҟоу

Гагра араион ахадара аҵараусбарҭа аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәеи рааӡамҭацәеи рыбжьара ачымазара ҿкы алаҵәаразы аҭагылазаашьа иахьазы изеиԥшроу атәы.
Sputnik
Ажьырныҳәа 27 раахыс Аԥсны ашколқәа акарантин ахь ишьҭуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахареи, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыбжьара аҿкы зыхьуа рхыԥхьаӡара ахьеизҳази иахҟьаны. Аҵыхәтәан иҟаҵаз адыррала, акарантин аҿҳәара жәабран 21-нӡа иацҵан.
"Уаҵәы иахмырԥаӡакәа Гагра араион ахадараҟны аштаб аилатәара ҳазыԥшуп. Агәра ганы ҳаҟоуп ирыдыркылап аӡбамҭа, амҩагьы ҳақәырҵап ашәахьа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура хацыркхо, мамзаргьы даҽа хәыҷык инаскьагахо азы", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа арҭ ахымчыбжьа иаҳа ишеиӷьхаз, араион аҟны иахьазы арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи рыбжьара 17-ҩык роуп ачымазараҿкы змоу, акарантин ахь ианцоз ичмазаҩын 97-ҩык.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.