Урыстәыла Афинансқәа рминистрра амаинингқәа раргамара иадгылоит

Ашықәс алагамҭаз Урыстәыла Абанк хада ажәалагала ҟанаҵеит атәылаҿы акриптоԥара арҳареи ахархәареи рзин ҟаҵамзарц.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Урыстәыла Афинансқәа рминистрра амаинингқәа раргамара иадгылоит, ари аус ашәахтә ақәҵаны ҳәа аҩуеит РИА Новости, аусбарҭа аиҳабы Антон Силуанов иажәақәа шьаҭас иганы.
"Амаининг мап ацәкра аҭахым, иаргаматәтәуп, иахәҭоу аекономикатә усура акод аҭатәуп, ашәахтә ақәҵатәуп, амаинерцәагьы цәыргатәуп. Исзеилкаауам ари аус зԥктәу ма мап зацәктәу", - ҳәа иҳәеит иара.
Ус шакәугьы, Урыстәыла аҩнуҵҟа акриптоԥарала ашәарақәа рымҩаԥгара аганахьала аминистрреи Абанк Хадеи ргәаанагара еиқәшәоит. Аҳәаанырцәтәи авалиута иаваҟәыло акриптоԥарала ашәарақәа рымҩаԥгара ҟамлароуп ҳәа иршьоит аусбарҭаҿы.
Урыстәыла амаининг-хархәагақәа зҭаху рхыԥхьаӡара рацәахеит
Уаанӡа Аминистрцәа реилазаара акриптоԥара аинвестициақәа алазҵо аквалификациа змоуи измами ҳәа еихызшо ахшыҩҵак хада иадгылеит.
Иара убасгьы, акриптобиржақәа рҿы Урыстәыла ахаҭарнакрақәа рыҟазаара, атехникатә еидҵара уҳәа рыҟазаара ахәҭаны ирыԥхьаӡоит.
Акриптоԥараз азакәан апроект аус адырулеит Афинансқәа рминистрреи Абанк Хадеи. Уи Аминистрцәа реилазаараҿы иахәаԥшырц ирыдгалоуп жәабран 18 рҟынӡа.