Аԥсны

Амра рҽаҭаны: аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы ааԥын ишазыԥшу

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны аҳауаԥхарра акырӡа ихалеит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы +15 ыҟоуп.
Sputnik
Мчыбжьқәак раԥхьа амшын аԥшаҳәа сыла ихҟьан, ана-ара аӡәык-ҩыџьак уԥымлозар ахьҭақәа ирыхҟьаны ауаа рацәамызт, аха аҵыхәтәантәи амшқәа уамакала иԥхарроуп, аԥшаҳәахьгьы амра ашәахәақәа рықәԥхарц ицәырҵуа иалагеит.
Амзар ала ааԥын ааира даҽа мчыбжьқәак шагыугьы, аҳауаԥхарра ала ааԥын ааизшәа иҟоуп. Хәыҷи-дуи амра рҽаҭаны рыԥсы ршьоит, хәыҷы-хәыҷла амшын аԥшаҳәаҿы аԥсҭазаара еилашуа иалагеит.
1 / 14

Аԥсны ааԥынтәи агәалаҟазаара ааиуа иалагеит.

2 / 14

Аҿар амра рҽаҭаны рыԥсы ршьоит.

3 / 14

Ахәыҷқәагьы амра аԥхарра еигәырӷьоит

4 / 14

Амшын аԥшаҳәаҿы аҳәыҳәқәа рацәоуп, урҭ уажәазы еилахоуп, арҭ аҭыԥҳацәа дара акрырҿарҵоит

5 / 14

Ишьақәгылаз амш бзиақәа хәыҷи-дуи еигәырӷьоит

6 / 14

Аӡәырҩы ус баша инеииааиуеит

7 / 14

Амзар ала ааԥын ааира даҽа мчыбжьқәак шагыугьы, аҳауаԥхарра ала ааԥын ааизшәа иҟоуп.

8 / 14

Арҭ амшқәа рзы Аԥсны аҳауаԥхарра +15 ыҟоуп.

9 / 14

Ауаа рыдагьы аԥстәқәагьы амра еигәырӷьоит.

10 / 14

Ҭаацәашәалатәи аԥсшьара иаамҭоуп

11 / 14

Иааукәыршоу аԥсабара зегьы аԥсы анҭало, умгәырӷьар залшом.

12 / 14

Ақалақь апаркқәа рыҟны ашәҭқәа еиҭарҳауеит, идрыцқьоит, идырԥшӡоит.

13 / 14

Раҳьатәи аԥхарақәа шааҟалалак еиԥш Аԥсны зехьынџьара ашәҭқәа шәҭуеит.

14 / 14

Ахьҭақәа рышьҭахь амрахәага уҽаҭаны уантәо еиӷьу иҟоузеи.