АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Аангыларҭақәа рыҟны аихамҩатә аиагагақәа реиҭашьақәыргылара ҳаҿуп иҳәеит "Аԥснеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
Ҟәыруа иажәақәа рыла, Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра араионқәа реихамҩатә аангыларҭақәа рҿы 60% аиагагақәа еиҭашьақәыргылоуп, иаанхан иҟоу аусурақәа ирылгоит 2022 шықәса лаҵарамзазы ҳәа.
Аиагагақәа аҭахуп адәыӷбақәа аихамҩатә цәаҳәак ахьынтә даҽа цәаҳәакахь риагаразы.
"Ес-ԥшьбарак ҳамҩақәа ирнысуеит урыстәылатәи авагон-амҩашәага. Амҩаҿы иҟоу аиҭакрақәа зегьы азгәанаҭоит, аҭҵаарақәа рылкаақәа ҳанаҭоит", - ҳәа азгәаҭуа иҳәеит аусурақәа АЕ ахарџь ала ишымҩаԥысуа.
Ҟәыруа иҳәеит АЕ аҟазауаа ҩ-хырхарҭакны аус шыруа: есымшатәи аусурақәа реиԥш еиҳа инарҭбаау аусурақәагьы шымҩаԥырго. Аихамҩа амаҵ азыруеит аусутә гәыԥқәа ԥшьба.
Анџьныр хада иажәақәа рыла, арҭ амҩахәҭақәа жәашықәса рҟынӡа ҵуеит арҽеирақәак азырымуижьҭеи.
Уи адагьы аихамҩа 72-тәи акилометр аҿы, Аацы иахьаҵанакуа адгьылрӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥысуеит, ара амҩа ааха аҭан амшынцәқәырԥа иахьҵнашәааз азы.
"Аҭӡы амшын ихықәгылоуп, амшын иацәнахьчоит. Аԥхынразы иҵнаӡәӡәааит. Усҟан ирмаҷны арҽеирақәа ҟаҳҵеит. Шьаҭанкылатәи арҽеирақәа аҟаҵараз иазхаша аԥара ҳамам", - ҳәа иҳәеит иара.
Анџьныр игәаанагарала ари аҭыԥ аҿы адгьыл рӷәӷәаны, ԥшьметрак иҳараку аҭӡы аҭахуп. Уи 4 миллионк рҟынӡа аԥара аҭаххоит.