Аԥсны

Аԥсуаа рҩыҟаҵашьа акультура иазку ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит Аҟәа

Аԥсны жәытәнатә аахыс аҩыҟаҵара иазҟазоуп. Ҽнакала имҩаԥгахо аԥсуаа рҩыҟаҵашьа акультура иазку ацәыргақәҵаҟны идырбахоит 40 қәҵарба, аекспозициа иашьагәыҭхоит асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба х-хәҭак рыла ишьақәгылоу иусумҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Ҽнакала имҩаԥгахо аԥсуаа рҩыҟаҵашьа акультура иазку ацәыргақәҵа мҩаԥгахоит азауад "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" агьамабаратә уадаҟны жәабран 23 азы, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ацәыргақәҵа ахылаԥшҩы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа еиҿкаауп апроект "Акультура амҩеихысырҭа" аҳәаақәа ирҭагӡаны, авторцәас иамоуп Ельвира Арсалиаԥҳаи Баҭал Кобахьиеи. Ицәыргақәҵахоит асахьаҭыхыҩ Витали Кацәба иусумҭақәа 20, ахатә коллекциақәа рҟынтәи иаагоу археологиатә ԥшаахқәеи ажәытә гравиурақәеи. Иара убас ицәыргақәҵахоит 15 шықәса раԥхьа аҩызауад аҿаҵарала асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба иҟаиҵаз х-хәҭак рыла ишьақәгылоу иусумҭақәа.
Арсалиа лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа ацәанырра анаҭоит аԥсуа -аурыс шәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иажәеинраалақәа.
Ауснагӡатә ахықәкы хада- Аԥсны иамоу адоуҳатә культура атәы аиҭаҳәара ауп, уажәа хаҭала аҩыҟаҵара иазаҭгылоит.
Аԥсны
Асахьаҭыхыҩ Леуарса Быҭәба иусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥгахоит "Гума"
"2022 шықәса адоуҳатә культура иазаҳкырц ҳаӡбеит. Ари атемала сынтәа акымкәа-ҩбамкәа ацәыргақәҵақәа еиҿаҳкаауеит. Ацәыргақәҵа аинтерес зуҭаша акакәхеит ицәыргоу аекспонатқәа ирымоу аҳаракыра ала. Ҳара ҳаҽҳарҭбааит, иаҳҳәоит Аԥсны адунеижәларбжьаратәи акультура иахәҭакуп ҳәа. Араҟа иубарц улшоит ҟрымтәии аԥснытәии аӡахәааӡарҭақәа, иара убас европатәи агравиурақәа. Ҳгәы иаанагоит аиԥш зеиԥшу ауснагӡатәқәа, иаҳцәыӡырц зылшо адоуҳатә культура иамоу ауадаҩрақәа рахь аӡәырҩы хьанарԥшым ҳәа", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа аартхоит аҩызауад аҵакыраҿы асааҭ 12:00 рзы, ихыркәшахоит 18:00.
Аԥсны
Аԥсуа ҩы: иҭыҵит адокументалтә фильм аԥсуаа рыбзазара иахәҭаку аҩыҟаҵара иазкны