Арадио

Габелаиа еиҭеиҳәеит Очамчыра ахархәаразы ауаа ирыҭоу адгьылқәа рызҵаара шыҟоу атәы

Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габелаиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион аҟны хархәарас игоу адгьылқәа ишахәҭоу аус рыдырулома, ахә шахыршәаауа атәы.
Sputnik
Адгьылқәа рхархәара аус аҭцаара араионқәа зегьы дҵас ирымоуп. Атәыла ахада ус еиԥш анапынҵа риҭеижьҭеи араионқәа рнапхгара уажәшьҭа мызқәак ҵит. Иҟоума алҵшәақәа, изеиԥшроузеи урҭ? Очамчыра араион иаҵанакуа адгьылқәа ахархәара ахьынӡарымоу, кьырала ахархәаразы иақәнаго ахә ахшәаара шымҩаԥысуеи, аҭыгалазаашьа аҭышәныртәаларазы араион ахадара аҽазышәарақәеи ртәы дрылацәажәеит Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габелаиа.
"…Адгьыл ахә ахшәааразы иҟоу ажәытә уалқәа рганахьала иҳалшо атәы уалацәажәозар, даара имаҷуп макьаназы. Иара адгьыл иҳаргьежьыз аума, ауал еизаҳгаз аума. Адгьыл рымхра уи зегь реиҳа имариоуп, ауал алгара ауп азхәыцра зҭаху. Егьыс адгьыл ахархәаразы араион иақәыз ҵыԥх 103 процент рыла инагӡан", - иҳәеит Габелаиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.