Аԥсны

Напеилаԥса ауаҩы дааӡоит: идырым ауаа ахәыҷы ихәшәтәразы ишцхырааз

Фышықәса раԥхьа акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хәымз зхыҵуаз Арман Торосиан ихәшәтәразы аԥареизгара хацнаркит, уи алагьы ахәыҷы иԥсҭааара аҽаԥсахит.
Sputnik
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи", аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсни, ателеканал "Абаза ТВ" апроект ҿыц "Ақьиара алҵшәақәа" еицаԥшьыргеит.
Ахәыҷы ициит "ажьақьышәи", "абга аҿырҟьареи" ззырҳәо апатологиа.
Арман хәымз анихыҵуаз раԥхьа дԥырҟеит, уаанӡа иара ҷыдала акрыиҿарҵон.
Ахәыҷы дԥырҟеит Москватәи ахаҿы-хацламҳәатә институт аҟны. Арман ацхыраара иҭаразы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" еизнагеит 250 нызқь мааҭ аԥара. Шықәсык ала ҩынтә дԥырҟеит.
Иахьазы Арман Торосиан актәи акласс ахь ацара иҽазыҟаиҵоит, амаланыҟәа дақәтәоуп, иара убас ицыгәқәа Шустрики Тигреи дрыцхәмаруеит.