Урыстәыла афинансқәа рминистрра: акриптоԥара аргаматәра еиҳа еиӷьуп азинҟамҵара аасҭа

Уажәы аус адулара иаҿуп акриптоԥара аргаматәразы азакәан апроект.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Акриптоԥара аргаматәра еиҳа еиӷьуп азинҟамҵара аасҭа ҳәа иҳәеит Урыстәыла афинансқәа рминистр Антон Силуанов. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аминистр ателеканал "Россия 24" иаиҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.

"Акриптоԥара аинтернет иахылҵшьҭроуп, иара аанкылара ҳҭахызар, аинтернетгьы аанкылатәхоит", - иҳәеит аминистр.

Иара иазгәеиҭеит, иахьазы акриптоԥара атәылаҿы миллионла зхы иазырхәо активны ишыҟоу, уи умбоушәа аҟаҵарагьы шиашам.
Афинансқәа рминистрра аиҳабыра рнапынҵала аус адулара иаҿуп акриптоԥара аргаматәразы азакәан апроект. Убри аан Абанк хада акрипторҳара зынӡа иҟамлароуп ҳәа иашьоит.
"Акриптоԥара иуадаҩу активуп, аиҳаракгьы аинвесторцәа рзы. Аԥара алагаларагьы ишәарҭоу инвестициоуп. Уи зегьы ирдыруазароуп. Аха ари актив ыҟамшәа аҽмырбарагьы иашам", - ҳәа иҳәоит Силуанов.
Урыстәыла Афинансқәа рминистрра амаинингқәа раргамара иадгылоит
Акриптоԥара аргаматәра еиҳа еиӷьуп азинҟамҵара аасҭа ҳәа азиԥхьаӡоит Антон Силуанов.
Иара игәаанагарала, акы - иазҟазам ауаа аоперациақәа рымҩаԥгара ԥнакуеит, иҩбахазгьы азин змамгьы азинхьчаратә усбарҭақәа рхылаԥшлоит.