АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 381-ҩык, урҭ рахьтә 146-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уахыки-ҽнаки рыла Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус злаз ҩыџьа ачымазцәа: 78 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи 83 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 80-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 23-ҩык, ибжьаратәуп - 53-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 42-а, урҭ рахьтә 15-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 21-ы, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 36-ҩык, урҭ рахьтә жәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы 11-ҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 21-ы чымазҩы.